Саломе Зурабишвили – Саакашвили Горитәи агоспиталь ашҟа ииагара садгылоит
Саломе Зурабишвили – Саакашвили Горитәи агоспиталь ашҟа ииагара садгылоит

«Ҧасатәи ахада Горитәи агоспиталь ашҟа ииагара садгылоит,  избанзар абри аҭыҧ,  амедицинатәгьы ашәарҭадаратәгьы ганахьала  астандартқәа зегьы ирышьашәалоуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

Атәыла ахада ишылҳәаз ала,  лара Елене Хлштариа амлашьраа аҟәыҵразы илыдылкылаз аӡбарагьы дадгылоит.

«Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара иашьашәалоуп,  ҧасатәи ахадагьы уи дақәшаҳаҭхеит,  ахырхарҭарацәатә клиникашҟа даниаргалак амлашьра дшаҟәыҵуа иҳәеит.

Иара убас,   Елене Хоштариа амлашьраа аҟәыҵразы илыдылкылаз аӡбарагьы садгылоит.  Аоппозициаа аклиника аҧхьа акциақәа рымҩаҧгара ргәы иҭам,  уигьы иаҵанакәа рацәоуп,  даргьы аӡбара иаша рыдыркылеит,  партиақәак апарламент аҿы абоикот иаҟәыҵуеит,  уигьы бзиоуп. Иахьатәи аӡбарақәа —  ажәлар рҭынчреи атәыла аҭышәынтәалареи еиқәзыршәаша шьаҿоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.