Саломе Зурабишвили  ажәлар ирыдалгалеит Ека Беселиа анапхгара ззылуа гәыҧҩык аиуристцәа
Саломе Зурабишвили  ажәлар ирыдалгалеит Ека Беселиа анапхгара ззылуа гәыҧҩык аиуристцәа

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили ажәлар ирыдалгалеит Ека Беселиа еиҿылкааз  «Аиашаӡбара аҩны» анапхгарала аус зуа гәыҧҩык аиуристцәа.

Зурабишвили ишылҳәаз ала, арҭ аиуристцәеи адукатцәеи  атәылауаа рыхьчоит,  аиуристтә консультациақәа рырҭоит.

«Абарҭ аиуристцәеи адукатцәеи ҳтәылауаа рыхьчарц азыҳәан рҽеидыркылеит. Ауаа амалаҳа аиуристтә цхыраара роуеит. Уи атәылауаҩратә ҭакҧхықәра ду аарҧшроуп ҳәа сҳәар сылшоит. Ҳабла ишабо,  еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла зхы иақәиҭу ақырҭуа уаажәларра ашьақәгылара  иаҿуп», — илҳәеит  Зурабишвили.