Саломе Зурабишвили  - Ахьыԥшымра амш быдысныҳәалоит, Украина
Саломе Зурабишвили - Ахьыԥшымра амш быдысныҳәалоит, Украина

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  Украина ахьыԥшымра амш адылныҳәалоит.

Зурабишвили асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы ишылҩыз, украинатәи амилаҭ адунеи зегь анарбеит ахьыԥшымреи адемократиеи рзы ақәԥара шаҭаху.

„Ахьыԥшымра амш быдысныҳәалоит, Украина.Украинатәи амилаҭ адунеи зегь анарбеит ахьыԥшымреи адемократиеи рзы ақәԥара шаҭаху. Қырҭтәылеи Украинеи еизаагәоуп, аиҩызаратә милаҭқәоуп, рықәԥара хықәкык амоуп. Ҳара ахьыԥшымра ахә зеиԥшроу иаадыруеит, ҳара еснагь аидгылара ҳабжьазаауеит“, – илҩит Қырҭтәыла ахада.