Саломе Зурабишвили - 29 рзы атәыла аԥхьагылара аҳҭар, адемократиатә тәылас шьаҭаҳкыр, аинаалареи апрогресси аглобалтә ҿыԥштәыс ҳҟалар ҳалшоит
Стәаны, алҵшәа сыԥшаар, алхрақәа рымҩаԥгара сазхәыцыр сазыхиоуп, аха аӡбамҭазы 29-нӡа ҳаиқәшаҳаҭроуп, – илҩит асоциалтә ҳаҿы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
“Алхрақәа шьақәымгылеит: уажәтәи акризис аҭыԥқәҵаразы формула заҵәык ыҟоуп уи адемократиатә тәылақәа зегьы иазхаҵоуп – алхрақәа реиҭамҩаԥгара! Стәаны, алҵшәа сыԥшаар, алхрақәа рымҩаԥгара сазхәыцыр сазыхиоуп, аха аӡбамҭазы 29-нӡа ҳаиқәшаҳаҭроуп. 29 рзы атәыла аԥхьагылара аҳҭар, адемократиатә тәылас ҟаҳҵар, аинаалареи апрогресси аглобалтә ҿыԥштәыс ҳҟалар ҳалшоит. Аҽаҭара Қырҭтәыла аҭоурых аҿы иубарҭом. Қырҭтәыла ииашоуп – шәара шәиашоуп! Иҟасҵо абри ауп: ажәлар, аветеранцәа, аруаа, апартниорцәа гәык ала сырзыҟоуп. Сара ар рԥызас саанхоит!, -илҩит Зурабишвили.