Римтәи папеи ФРанциа ахадеи реиԥылараҿ Украинеи Кавкази, Ааигәа Мрагылареи рыхцәажәеит
Римтәи папеи ФРанциа ахадеи реиԥылараҿ Украинеи Кавкази, Ааигәа Мрагылареи рыхцәажәеит

Римтәи папеи Франциа ахадеи реиԥылараҿ Украинеи Кавкази, Ааигәа Мрагылареи ҷыдала рыхцәажәеит. Ари атәы аанацҳаит “Ватикан ниус”.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аиԥылара актәи ахәҭаҿы Украина азҵаара иазааҭгылеит, ҷыдала иахцәажәеит агуманитартә ҭагылазаашьа.

Франциатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Франциа ахада Римтәи папа Франциск иҟны аудиенциа аан аԥшьгара иқәиргылеит – Украина аибашьра ахыркәшаразы акатоликтә уахәама анапхгаҩы Урыстәыла ахада Владимир Путини Урыстәыла апатриарх Кирилли ҭелла дырзасырц.

Аихқәа рдыррақәа рыла, Украинеи адунеи егьырҭ ахәҭақәеи р ҿы “аҭынчратә процесс адгыларазы” Еммануель Макрон апонтифик Аҩны шкәакәахь ҭелла дасырц диҳәеит.