Ватикан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Давиҭ Меқвабишвили Римтәи Папа Лео XIV Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит
Рашәара 17 рзы Ватикан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Давиҭ Меқвабишвили Римтәи Папа Лео XIV Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит. Аофициалтә церемониа ашьҭахь ацҳаражәҳәаҩ Римтәи Папа диҧылеит.
Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Ватикани реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи русеицуреи иалацәажәеит. Римтәи Папа ацҳаражәҳәаҩ ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Давиҭ Меқвабишвили Римтәи Папа ҳамҭас ииҭеит Нино цқьа лџьари ақырҭуа анапҩырақәа ирызку ашәҟәи.