Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Римтәи Папа Лео XIV диҧылеит.
Михаил Ҟавелашвили Лео XIV Акатоликатә уахәама ахадас иалхра даҽазнык идныҳәаланы, ишиҳәаз ала, ипонтификат алагара – аҧеиҧш лашеи, адоуҳатә аиҭакреи, адунеи зегьы акзаареи иасимволуп.
Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Ватикани реизыҟазаашьақәеи аусеицура арҕәҕәара аперспективақәеи ирылацәажәеит. Михаил Ҟавелашвили ишиҳәаз ала, ақьырсиантә принципқәа рышьаҭала ишьақәгылоу аизыҟазаашьақәа апартниорра ҕәҕәа рхылҵуеит.
Иара убас, атәыла ахада Римтәи Папа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.
Аиҿцәажәараан Римтәи Папа Лео XIV иаҵшьны иазгәеиҭеит адунеи аҿы аҭынчра аиқәырәшара аҵакы, иара убас, ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Ватикани рпартниорра иаҳа арҭбаара дазыхиоуп.
Михаил Қавелашвили Римтәи Папа Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.
Аиҧылара лхы алалырхәит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Бочоришвили.