Римтәи Папа адинхаҵаҩцәа рахь – Ақьырсианцәа раҳасабала, шәара Қьырса аныҳәа иаҩцацәамкәа азгәашәҭароуп, аиҩызара ззымхо ауаа ишәымоу зегьы  рыцеиҩышәшароуп  
Римтәи Папа адинхаҵаҩцәа рахь – Ақьырсианцәа раҳасабала, шәара Қьырса аныҳәа иаҩцацәамкәа азгәашәҭароуп, аиҩызара ззымхо ауаа ишәымоу зегьы  рыцеиҩышәшароуп  

Папа  Франциск аибашьрахь ицаз ауаа иныҳәаны, адинхаҵаҩцәа ирыбжьеигеит сынтәа Қьырса аныҳәа иаҩцацәамкәа азгәарҭарц.

«Ҳара Палестинеи, Израилаи, Украинеи ҳрызхәыцуеит. Иара убас,  акгьы змам, амла иакуа  ауаа ҳрызхәыцуеит.  Сынтәа абжьагарак шәысҭар сҭахуп: ақьырсианцәа раҳасабала, ҳара Қьырса аныҳәа иаҩцацәамкәа иазгәаҳҭароуп, аиҩызара ззымхо ауаа иҳамоу зегьы рыцеиҩаҳшароуп», — иҳәеит Римтәи Папа.

Уаха Римтәи Папа Пиотр цқьа ибазиликаҿ қьырсатәи Анцәа имаҵзура мҩаҧигоит.