Римтәи папа Украина аԥыза-министр Денис Шмыгаль диԥылеит
Римтәи папа Украина аԥыза-министр Денис Шмыгаль диԥылеит

Римтәи папа Франциск Ватикан аҟны Украина аԥыза-министр Денис Шмыгаль диԥылеит.

Денис Шмыгаль апонтифик иҟны аиԥылара ашьҭхь ишааицҳаз, Римтәи папеи иареи Украина аҭынчратә формулеи, ари аформула апунктқәа зегьы рынагӡареи рҿы Римтәи папа идгылареи ирыхәаԥшит.

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Украина аԥыза-министр Римтәи папа Урыстәыла изакәанымкәа адепортациа ззыруз ахәыҷқәа рырхынҳәра аус аҿы ацхыраара диҳәан, апап Франциск Украинахь дааиԥхьеит.