Қырҭтәыла аҧыза-министр Римтәи Папа диҧылеит 
Қырҭтәыла аҧыза-министр Римтәи Папа диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Римтәи Папа Лео XIV-тәи диҧылеит.  

 Аҧыза-министр Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари рыхьӡала, Папа Лео XIV-тәи Римтәи акатоликатә уахәама аҧхьагылаҩс иалхра идныҳәаланы, ишиҳәаз ала, аҧыза-министр иаҳасабала Ватикан раҧхьатәи ивизит Қырҭтәылеи Ватикани реизыҟазаашьақәа рырҕәҕара иацхраап ҳәа дгәыҕуеит.  

 “Римтәи Папеи сареи ҳаиҿцәажәара аинтерес ду аҵан. Ватикани Римтәи Папеи рҟынтә адгылара ҳара ҳзы иаҵанакуа рацәоуп. Ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны ари адгылара еснагь аҵакы ду аман, Римтәи Папа уи азыҳәан ҭабуп ҳәа иасҳәеит. Ватикан ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, уи аҵакы ҷыда амоуп, уигьы иаҵшьны иазгәаҳҭеит. 

Ҳара ҳтәылаҿ имҩаҧысуа апроцессқәеи, ҳтәылеи ҳаамҭазтәи адунеии изҭагыло апроблемақәеи ҳрылацәажәеит, ақьырсиантә принципқәа разықәҧара азҵаарагьы уахь иналаҵаны. Ақьырсиантә, атрадициатә принципқәа рыхьчара азҵаара ҳтәылазы иамоу аҵакы ҷыда ҳазааҭгылеит, Римтәи Папеи сареи ҳаиҿцәажәара аинтерес ду аҵан”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы Римтәи Папа  Лео XIV Қырҭәтылаҟа дааиҧхьеит.