Еммануель Макрон – Қырҭтәылеи Ҟрыми рышьҭахь,  2022 шықәсатәи агрессиа лабҿаба иаанарҧшит Урыстәылантә акыраамҭалатәи ашәарҭара шыҟоу
Еммануель Макрон – Қырҭтәылеи Ҟрыми рышьҭахь,  2022 шықәсатәи агрессиа лабҿаба иаанарҧшит Урыстәылантә акыраамҭалатәи ашәарҭара шыҟоу

Қырҭтәылеи Ҟрыми рышьҭахь,  2022 шықәсатәи агрессиа лабҿаба иаанарҧшит Урыстәылантә акыраамҭалатәи ашәарҭара шыҟоу, – иҳәеит Франциа ахада Еммануель Макрон.

Макрон ари аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО асаммит ашьҭахь Гаага имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

«Адискуссиақәа раан ҳара уи ҳхамшҭроуп, избанар, Урыстәылантә ашәарҭара иҟоуп. Европаҿ ахҧатәи аибашьра ари  ашәарҭара шыҟоу шьақәнарҕәҕәеит.  Қырҭтәылеи Крыми рышьҭахь,  2022 шықәсатәи агрессиа лабҿаба иаанарҧшит Урыстәылантә акыраамҭалатәи ашәарҭара шыҟоу », – иҳәеит Еммануель Макрон.

Франциа ахада иҳәамҭала, ахыхьчара аусхкы иаҳа ирацәаны аҧара алаҵара ала, Европа ахатә шәарҭадаразы аҭакҧхықәра ду ахы иаднаҵоит.

«Ахыхьчара аусхкы иаҳа ирацәаны аҧара алаҵара ала, аҳәынҭқаррақәа зегьы, ҷыдала европауаа, НАТО аҳаақәа ирҭагӡаны европатәи ашьаҭа аҧҵаразы аус руеит. Абри ауп акыршықәса ирылагӡаны ҳазлацәажәо: иаҳа ирацәаны аҧара инызхуа Европа ахатә шәарҭадаразы иаҳа идуу аҭакҧхықәра ахы иаднаҵоит. Уи ҳхазы иаҳҭахуп, иаҳа ахьыҧшымра ҳамазаарц азыҳәан», — иҳәеит Еммануель Макрон.