Еммануель Макрон – Иааиуа амшқәа рзы Урыстәылазы жәларбжьаратәи ақәыҕәҕәара иаҳа иџьбарахоит
Еммануель Макрон – Иааиуа амшқәа рзы Урыстәылазы жәларбжьаратәи ақәыҕәҕәара иаҳа иџьбарахоит

 

Франциа ахада Еммануель Макрон иҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы Урыстәылазы жәларбжьаратәи ақәыҕәҕәара иаҳа иџьбарахоит.

Макрон иажәақәа рыла, анеҩстәи ҩымчыбжь Украина амца аанкыларазы ахадаратә ҵакы рымазаауеит.

«Иааиуа  8–10 мшы рзы Урыстәыла ақәыҕәҕәара иаҳа арџьбара ҳгәы иҭоуп. Ҳара агәҽанызаара ааҳарҧшыроуп, избанзар ари аплан анагӡара Москва иахьыҧшуп. Ҳара ҳаиқәшаҳаҭны аус аауроуп», — иҳәеит  Макрон афранцыз АИХқәа аинтервиу анриҭоз.

Франциа ахада ишазгәеиҭаз ала,  Америка ахада Урыстәыла ақәыҕәҕәара аҵакы ду шамоу агәра ииргеит, аха, ишиҳәаз ала, ари аус аҿы ароль ду нанагӡеит Зленскии Трампи Ватикан реиҿцәажәара.

Макрон ишиҳәаз ала,  уажәазы Украина амца аанкыларазы  зеиҧшҟамлац алшара иҟоуп.