Реџьеп Таип Ердоҕан – Анефҭмҩангага Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан апроект адунеиаҿ иреиҕьу аенергетикатә инициативақәа иреиуп
Реџьеп Таип Ердоҕан – Анефҭмҩангага Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан апроект адунеиаҿ иреиҕьу аенергетикатә инициативақәа иреиуп

 

«Анефҭмҩангага Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан апроект адунеиаҿ иреиҕьу аенергетикатә инициативақәа иреиуп», — иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Самарканд имҩаҧысуаз Атиуркбызшәатәи ҳәынҭқаррақәа реиҿкаара  IX асаммитаҿ данықәгылоз.

Ердоҕан ишиҳәаз ала,  Анкара атиуркбызшәатәи ҳәынҭқаррақәа ахырхарҭақәа зегьы рыла аус рыцура иазыхиоуп. Ари аганахьала иара ҷыдала иаликааит ахәаахәҭреи, атранспорти, аенергетикеи.

«Анкара,  кыраамҭа иалагӡаны,  Ҭырқәтәыла аенергошәарҭадара аиқәыршәара иазку апроектқәа нанагӡоит. Анефҭмҩангага Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан апроект адунеиаҿ иреиҕьу аенергетикатә инициативақәа иреиуп», — иҳәеит Ердоган.

Иара Аладатәи агазтә корридор аҵакгьы далацәажәеит.

Аахыҵ Кавказаҿ аҭагылазаашьа даналацәажәоз Ердоҕан ишиҳәаз ала,  Анкара Азербаиџьан иадгылоит арегионаҿ аҭынчра ашьақәыргылара аус аҿы.

Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәаланы Ердоҕан ишиҳәаз ала,  Ҭырқәтәыла анапхгара ирылшо зегьы ҟарҵоит аҭынчра иаша ашьақәыргылара ала аибашьра аанкыларазы.