Реџьеп Таип Ердоҕан  - Ҭырқәтәыла анапхгара аҭаразы  ҩаҧхьа аҭакҧхықәра ҳазҭаз ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит
Реџьеп Таип Ердоҕан  - Ҭырқәтәыла анапхгара аҭаразы  ҩаҧхьа аҭакҧхықәра ҳазҭаз ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Сҭампыл идгылаҩцәа рҿаҧхьа дықәгыланы,  абжьыҭиара иалахәыз ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Анеҩстәи хәышықәса рзы Ҭырқәтәыла анапхгара аҭаразы  ҩаҧхьа аҭакҧхықәра ҳазҭаз ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит», — иҳәеит Ердоган.

Иара убас, АИХ ишырыҩуа ала, Ҭырқәтәыла ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит аҭырқәа жәлар дышраҭабуу алхрақәа раан атәылаҿ имҩаҧгаз  «адемократиа афестиваль» азыҳәан.

«Аҵыхәтәантәи 21 шықәса рыҩныҵҟа ишыҟаз еиҧшҵәҟьа, уажәгьы шәыгәрагара саҧсахааит», — иҳәеит Ердоган.

Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧгоуп. Ҭырқәтәыла Алхратә хеилак заанаҵтәи адыррқәа рыла, алхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп Реџьеп Таип Ердоҕан.