Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Павел Герчински Илиа Дарчиашвили Агәраргагатә шәыҟәқәа рыхкьыҧхьаа иҭеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Павел Герчински Илиа Дарчиашвили Агәраргагатә шәыҟәқәа рыхкьыҧхьаа иҭеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Павел Герчински Илиа Дарчиашвили Агәраргагатә шәыҟәқәа рыхкьыҧхьаа иҭеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, ацеремониа ашьҭахь аганқәа рхаҭарнакцәа реиҧылара мҩаҧган.

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицура иаҵанакәа азҵаарақәа рацәа ирылацәажәеит. Аминистр ацҳаражәҳәаҩ изеиҭеиҳәеит 12 пунктқәа рынагӡара апроцесс шымҩаҧысуа.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи арегион аҭышәынтәалара аиқәыршәараҿы Евроеидгыла инанагӡо ароли иазааҭгылеит.  Ацҳаражәҳәаҩ даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Евроеидгыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.