Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр  Америка ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит
Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр  Америка ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит

Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр  Вахтанг Гомелаури  Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан дылҧылеит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура адыррақәа рыла,  аганқәа рхаҭарнакцәа, Америка ацхыраара ала аминистрраҿы имҩаҧысуа апроектқәа ирылацәажәеит. Иара убас, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан  анаркотикқәа закәандарала реикәшареи, акиберацәгьауреи, еиҿкаау ацәгьауреи  аҿагылараҿы аусеицура аҵакы.

Вахтанг Гомелаури Америка анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит аминистрра аҿиареи алшарақәа рырҭбаареи аҿы Америка алагала ду азыҳәан.