Қырҭтәыла апрокуратура   Хазараӡеи, Џьаҧариӡеи, Ҵереҭелии рус иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла апрокуратура   Хазараӡеи, Џьаҧариӡеи, Ҵереҭелии рус иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла апрокуратура хада  Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаҧариӡеи, Авҭандил Ҵереҭелии русӡбаратә процесс иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала, ахарадҵаратә ган, азакәан ала ишьақәыргылоу аҿҳәара аҳәаақәа ирҭагӡаны,   аппелиациатә аӡбара ашшыҧхьыӡ аларҵоит.

«Қарҭ ақалақьтә аӡбара, ахарадҵаратә ган ицәырыргаз ашаҳаҭгақәа ирықәшаҳаҭны,  Мамука Хазараӡеи,  Бадри Џьаҧариӡеи, Авҭандил Ҵереҭелии  «ТВС» абанк   16 664 000  адоллар  ацәгара шырхароу шьақәнарҕәҕәеит. Аха, аӡбара, ахарадҵаратә ган абри ацәгьаура иарҭаз азинтә квалификациа иақәшаҳаҭымхеит, ахара зду ауааҧсыра иҟарҵаз ацәгьаура анапхыцәгьара аквалификациа арҭеит.

Зыӡбахәы ҳәоу ашьауҕаус иадҳәаланы, ахара зду ауааҧсыра зегьы бжьышықәса аҭакра рықәырҵеит, аха, Қырҭтәыла  ашьауҕа-процессуалтә закәанҧҵара инақәыршәаны, дара рызынтәгьы рхы иақәиҭыртәит анапхыцәгьаразы  ашьауҕатә ҭакҧхықәра ақәҵара аҿҳәара аиасра амшала.

Ажәлар иргәалаҳаршәар ҳҭахуп Мамука Хазараӡеи,  Бадри Џьаҧариӡеи, Авҭандил Ҵереҭелии ахара шрыдыз азакәандаратә хашәала азакәантәразы, Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  194 ахәҭаҷ инақәыршәаны. Ахарадҵаратә ган, азакәан ала ишьақәыргылоу аҿҳәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьатәи ақәҵара апеллиациатә аӡбараҿы иазашшуеит», — иануп апрокуратура аҳәамҭаҿы.