Азакәандаратә хашәала ду алегализацҵиа афакт азы Андриа Лилуашвили даанкылоуп
Азакәандаратә хашәала ду алегализацҵиа афакт азы Андриа Лилуашвили даанкылоуп

«Азакәандаратә хашәала ду алегализацҵиа афакт азы даанкылоуп  Григол Лилуашвили идҳәалоу  Андриа Лилуашвили», — ирҳәеит Қырҭтәыла Апрокуратура хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Апрокуратура адыррақәа рыла,  Андриа Лилуашвили  ахара идуп Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  194-тәи ахәҭаҷ ала, уи ала иазҧхьагәаҭоуп  9 шықәса инаркны  12 шықәсанӡа аҭакра.

«Ҳуааҧсыра ишырдыруа еиҧш, мышқәак раҧхьа  Қырҭтәыла Апрокуратура хадеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи  еицымҩаҧыргаз аусмҩаҧгатәқәа раан Қырҭтәыла ҧасатәи аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ҧасатәи анапхгаҩы Григол Лилуашвили, ҧасатәи апрокурор хада Оҭар Ҧарцхалаӡеи, урҭ ирыдҳәалоу ауааҧсыра рыҩнқәа еимырдеит.

Аимдараан иаарҧшын аелектронтә хархәагақәеи, адокументқәеи, аҧара рацәеи.

Азакәандаратә хашәала ду алегализацҵиа афакт азы, иахьа даанкылоуп Григол Лилуашвили идҳәалоу  Андриа Лилуашвили.

Андриа Лилуашвили  ахара идуп Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  194-тәи ахәҭаҷ ала, уи ала иазҧхьагәаҭоуп  9 шықәса инаркны  12 шықәсанӡа аҭакра, – ирҳәеит абрифинг аҿы.