Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ватикан аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ,  акардинал Пиетро Паролини диҧылеит 
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ватикан аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ,  акардинал Пиетро Паролини диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ватикан аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ, акардинал Пиетро Паролини диҧылеит.  

 Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан  аҭоурыхтә ҭынха беиеи ақьырсиантә культуреи рышьаҭала Қырҭтәылеи Ватикани рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.  

 “Ҳара аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ҳаиҧылеит, Ватикани Қырҭтәылеи русеицура ҳалацәажәеит. Ҳҩызцәа ҳтәыла иазаадырҧшуа адгылара ҕәҕәа азыҳәан ҭабуп ҳәа раҳҳәеит. Ҳтәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы иҟоу апроблемақәа ҳрылацәажәеит. Ҳаиҿцәажәара аинтерес ду аҵан.  Агәра ганы ҳаҟоуп Ватикани Қырҭтәылеи русеицура шынагӡахо“, –  иҳәеит Иракли Кобахиӡе. 

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии,  акультура аминистр Ҭинаҭин Рухаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании, Ватикан иҟгоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Давиҭ Меқвабишвилии.