Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Китаитәи жәлартә республика аҧыза-министр Ли Циан диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Китаитәи жәлартә республика аҧыза-министр Ли Циан диҧылеит. Иракли Кобахиӡе Китаи имҩаҧысуа Аимпорт жәларбжьаратәи ацәыргақәҵара аартра ацеремониашҟа иааҧхьаразы Ли Циен ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәылеи Китаии рстратегиатә партниорреи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәеи қәҿиарала аҿиара ишаҿу.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, аганқәа ахәаахәҭра-економикатә усхки, атуризми, атехнологиатә усхки рҿы қәҿиарала аус еицыруеит. Хшыҩзышьҭра азун Маҟак мҩак аинициатива аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицуреи Абжьаратә корридор аҿиареи рҵаки.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Китаи аҳәынҭқарратә хеилак аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы, иара убас, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра иаку Китаи апринцип ишазгәыку.
“Қырҭтәылеи Китаии реизыҟазаашьақәа ирласны аҿиара иаҿуп – апатуеиқәҵареи, азинеиҟарареи, аусеицуреи апринципқәа рышьаҭала.
Китаи Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхаҵамра аполитика иақәныҟәоит, ҳара гәыкала уи ахә ҳшьоит. Қырҭтәыла иакуа Китаи апринципи Китаи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Абри аиҩызареи аилибакаареи ҳтәылақәа рыбжьара адинамикатә усеицура ианыҧшуеит. Китаи Қырҭтәыла ахадаратә ахәаахәҭратә партниорцәа иреиуп. Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра наӡа иазку аиқәшаҳаҭра ҩ-ганктәи ахәаахәҭра азҳара иацхраауеит. Китаи ахырхарҭала ақырҭуа експорт акырӡа иазҳаит.
Иара убас, гәахәарала иазгәасҭар сҭахуп аидараеикәшара азҳара ишаҿу. 2025 шықәса ажьырныҳәа инаркны нанҳәанӡа, Абжьаратә корридорла, Қырҭтәыла иалсны, Китаинтә, иара убас, Китаиҟа ишымҩангаз ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа аасҭа 70.6 наӡынала иаҳа ирацәаны аконтеинерқәа. Ҳара, Қырҭтәыла иалсны, Китаии Европеи рыбжьара атранспорттә аикәшара иаҳа аизырҳаразы аусеицура ҳазыхиоуп. Абарҭ ақәҿиарақәа рышьаҭала, апотенциал ду змоу аинвестициатә усхкы зҵакы дуу ахырхарҭас иаанхоит. 2025 шықәса раҧхьатәи 2 кварталк рыла, Китаи Қырҭтәыла иаланаҵеит 7.43 миллион адоллар аинвестициа, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу арбага аасҭа 229 наӡынала иаҳа идууп. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ари адинамика бзиа шынагӡахо, уи ҳекономикатә партниорра иаҳа иарҕәҕәоит.
Китаи, ҭоурыхла, Абырфынтә мҩа ашьаҭа хадас иҟоуп, уи ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа ахәаахәҭреи акультуратә еизыҟазаашьақәеи шьақәнаргылон. Қырҭтәыла, Абжьаратә корридор зҵакы дуу ахәҭа аҳасабала, Китаи аҟны арегионалтә аимадареи ахәаахәҭреи рырҭбаара амзызла, аусеицура арҕәҕәара иазыхиоуп.
Агәр ганы ҳаҟоуп ҳтәылақәа рыбжьара адинамика бзиеи зыҩаӡара ҳараку ҳаизыҟазаашьақәеи шынагӡахо, иаҳа ишыҭбаахо, уи шьақәырҕәҕәоуп аимадарақәа рырҭбаареи ҳажәларқәа рмышхәыбзазара иазааҳарҧшуа азгәыкреи рыла”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.