Қырҭтәыла аҧыза-министр атәыла иқәынхо аҧсылманцәа  Курбан-Баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр атәыла иқәынхо аҧсылманцәа  Курбан-Баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе атәыла иқәынхо аҧсылманцәа  Курбан-Баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Қырҭтәыла иқәынхо аҧсылманцәа зегьы гәыкала ишәыдысныҳәалоит Кәырбан-баирам – абзиареи аидгылареи, агәыҕреи рныҳәа. 

Ҳара ашәышықәсақәа рацәа ирылагӡаны аешьцәа реиҧш ҳаицынхоит, ҳара-ҳара ҳтрадициақәеи ҳкультуреи пату рықәаҳҵоит, уи ҳазынтәгьы ҳгәы зыздуу хазыноуп, абри ашьаҭала атәыла ҕәҕәа ҳаргылоит.  

Иахьа шәҭаацәарақәа рҿы иҟоу аныҳәатә гәалаҟазаара шәыцеиҩаҳшоит, аҭынчреи, мышхәыбзазареи, анасыҧи шәзеиҕьасшьоит», – иҳәеит аҧыза-министр.