Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Aqualia-и GWP-и рхаҭарнакцәа дырҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа аӡытә ресурсқәа анапхгара рыҭареи аҳәынҭқарра ала аҧсабаратә ресурсқәа еффективла рхархәареи иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Ишазгәаҭаз ала, атәыла ауааҧсыра 24 сааҭ рыҩныҵҟа хымҧада аӡыла еиқәыршәазароуп, ари ахықәкы анагӡаразы уажәазы иҟоу апроблемақәа рҭыҧ иқәҵатәуп.
Иара убас, аиҧылараҿы, аинфраструктура шьаҭанкыла арҿыцра аҵакы иазааҭгылеит, ари аганахьала ҷыдала иалкаан ижәхьоу аӡылеиқәыршәаратә системақәа рыҧсахреи, арыцқьаратә шьақәыргыламҭақәа ҿыцқәа рыргылареи, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа раларҵәареи иазку азҵаарақәа. .