Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа аушьҭратә пунктқәа рҿы ахаҿқәа реилкаара асистема ҷыда аус адыруит
Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа аушьҭратә пунктқәа рҿы ахаҿқәа реилкаара асистема ҷыда аус адыруит

Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа ахысраан аҳәаатә хылаҧшра аиҕьтәра амзызла,  2023 шықәса жьҭаара 1 инаркны аҳәынҭқарратә аҳәаа аушьҭратә пунктқәа рҿы ахаҿқәа реилкаара асистема ҷыда аус адыруит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррала, зыӡбахәы ҳәоу асистема абзоурала, аҳәаахьчаҩцәа, автоматла адыррақәа гәаҭаны, изышьҭоуп, адепортазица зызу, мамзаргьы азакәан еилазгаз ахаҿқәа  Қырҭтәыла аҳәаа ахысраан  раарҧшра рылшоит.

«Зыӡбахәы ҳәоу асистема қәҿиарала ахархәара аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи шәарҭадара ахьчара иацхраауеит.

Иара убас,  ахаҿқәа реилкаара асистема ҷыда   еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыла Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡара еиқәнаршәоит.

Ахаҿқәа реилкаара асистема ҷыда қәҿиара рхы иадырхәоит еуеиҧшым европатәи аҳәынҭқаррақәа рҿы, уи азакәандаратә миграциа аҿагыларазы ахархәага бзиас иҧхьаӡоуп», — иануп аинформациаҿы.