Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Украинантә аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит  аевакуациа зызу 3000-ҩык рҟынӡа Қырҭтәыла атәылауаа
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Украинантә аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит аевакуациа зызу 3000-ҩык рҟынӡа Қырҭтәыла атәылауаа

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала,  аҳәынҭқарра Украинантә Қырҭтәыла атәылауаа ралгареи ацхыраара рыҭареи апроцесс нанагӡоит.

Аминистрра адыррақәа рыла,  аҳәынҭқарра ацхыраарала аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит  3000-ҩык раҟара Қырҭтәыла атәылауаа, урҭ рҟынтә 100-ҩык иҳаҩсыз амчыбжь азы ихынҳәит.

«Украина аибашьра иалагеижьҭеи Украина иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа арежим ҷыдаҿ аус руеит.  Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала,  дара ирыдҵоуп Украина иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациа аиҿкаареи раҧхьатәи ацхыраара рыҭареи. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла,  аҳәынҭқарра ацхыраарала аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит хнызқь ҩык рҟынӡа Қырҭтәыла атәылауаа», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырраҿы.