Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Шәамахьтәыла даҭаауеит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Шәамахьтәыла даҭаауеит

Мшаҧы 29-30 рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили аофициалтә визитла Шәамахьтәыла даҭаауеит.  Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, адәныҟатәи аусқәа рминистр Шәамахьтәыла   аҧыза-министр  Никол Ҧашиниани, апарламент ахантәаҩы Ален Симониани, адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиани дырҧылоит.

«Иара убас, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Шәамахьтәыла ахадагьы диҧылоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак русеицура иаҵанакәа азҵаарақәа рацәа ирылацәажәоит», — ирҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.