Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети Атехникатә университети еидырҵом
Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети Атехникатә университети еидырҵом

Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети Атехникатә университети еидырҵом.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ари атәы ааицҳаит аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, Атехникатә университетаҿ атехниникатә факультетқәа мацара аанхоит, егьырҭ афакультетқәа аусура иаҟәыҵуеит.

«Апринцип  „қалақьк  — факультетк“ инақәыршәаны, Атехникатә университетаҿ атехникатә занааҭқәа мацара иаанхоит. Уи иреиҳаӡоу аҵара ареформа аконцепциаҿы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа иреиуп.

Атехникатә университетаҿ атехникатә занааҭқәа ирышьашәалам апрограммақәа хәыҷы-хәыҷла аусура иаҟәыҵуеит.

Сынтәа инаркны, арҭ апрограммақәа рзы астудентцәа рыдыркылом», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.