Қарҭ ахадара  амҩақәа ррыцқьара иазку аинформациа аланарҵәеит
Қарҭ ахадара  амҩақәа ррыцқьара иазку аинформациа аланарҵәеит

Ахҭнықалақьи Қарҭ иаҧну аҵакырадгьыли рҿы амҩақәа ррыцқьареи атехникатә џьыкхыш рықәҧсареи нарыгӡоит.

Қарҭ ахадара аинформациала, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩныҵҟала  1000 тонна атехникатә џьыкхыш рхы иадырхәахьеит.

Қарҭ ахадара апресс-маҵзура адыррала, зыӡбахәы ҳәоу аусурақәа ирылахәып  200ҩык раҟара аусзуҩцәеи  жәабала  атехника ҷыдеи.

Қарҭ ахадара амашьынарныҟәцаҩцәа  ирыҳәоит аӡынтәи агежьхарҧақәа рхы иадырхәарц.

Апроблемақәа цәырҵыр,  «Ҭбилсервис гәыҧи» Қарҭ ахадареи Ацәаҳәа ҷыдақәа аус руеит  – 2 61 90 50, 2 72 22 22.