Қарҭ ахадара аоппозициа ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Ахьыԥшымра Амш аҽны, лаҵара 26 азы, Қырҭтәыла Апарламент азааигәара асценеи егьырҭ аконструкциақәеи рышьақәыргылара азин рнамҭеит
Қарҭ ахадара адыррақәа рыла, аконкреттә хаҿқәа ақалақь ахадара арзаҳал аларҵеит лаҵара 26 рзы, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш аҽны, акциа амҩаҧгаразы. Ари арзаҳал иадҳәаланы аконкреттә хаҿқәа аҭак рыздәықәҵан.
Аоппозициа ахаҭарнакцәа ирыздәықәҵаз аҭактә шәҟәы ишану ала, Қырҭтәыла Ахьыԥшымра Амш аҽны, лаҵара 26 азы, Қырҭтәыла Апарламент азааигәара асценеи егьырҭ аконструкциақәеи рышьақәыргылара ҟалом.