Қарҭ ахадара Паата Бурҷулаӡе ишәҟәы азы аҭак ҟанаҵеит
Қарҭ ахадара Паата Бурҷулаӡе ишәҟәы азы аҭак ҟанаҵеит

Қарҭ ахадара Паата Бурҷулаӡе ихьӡала ироуз ашәҟәыи ақалақь ахадара иҟанаҵаз аҭаки аланарҵәеит.

«Сынтәа,  цәыббра  29 рзы, Қарҭ ахадара, аҵысра   «Русҭавели имҩаду» алидер  Паата Бурҷулаӡе ихьӡала ашәҟәы роуит.

Ашәҟәы автор аҳәара ҟаиҵеит амуниципалтәи аҳәынҭқарратәи аорганқәа адырра раҳҭарц жьҭаара 4, Русҭавели имҩадуаҿ, Ахақәиҭра ашҭа инаркны Ареспублика ашҭанӡа,  зымҽхак дуу адемонстрациа/аизара амҩаҧгара ргәы ишҭоу, уи иадҳәаланы, аҳәара ҟаиҵеит ари аҵакырадгьылаҿ, 4 локациак рҿы асцена ақәыргыларазы иаҭаху аинвентар ала еиқәдыршәарц.

Ари ашәҟәы иаҭакны, уи автор адырра иҭан аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәа ҭыҧк мацараҿ асцена дыргылар шрылшо, уигьы атранспорт аиҭаҵреи ари аҵакырадгьылаҿ еиуеиҧшым аобиектқәа русуреи  иаҧырхагамхароуп.

Иара убас, аҳҭнықалақь ахадара аҭак аҿы ишазгәаҭоу ала, азакәан инақәыршәаны,  «абжьыҭира амш азы алхырҭақәа рҿы, иара убас,  100 метрак арадиус аҿы   алхыҩцәа реиҭаҵра аҧырхагахара ҟалом».

Атәылауаа зегьы рхы иақәиҭны аҭынчратә аизарақәа рымҩаҧгареи ргәаанагара аарҧшреи азин рымоуп, ари азин еиқәыршәоуп Қырҭтәыла азакәан ала, аха, амитинг алахәылацәа, «Аизарақәеи аманифистациақәеи ирызку» азакәан ақәныҟәара ируалуп,  мамзар, азакәан ала ишьақәыргылоу аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧгахоит», — иануп Қарҭ ахадара аҳәамҭаҿы.