Ашықәс Ҿыц аухаз, Қарҭ, ауаажәларратә транспорт инеиҵыху арежимла аус ауеит
Ашықәс Ҿыц аухаз, Қарҭ, ауаажәларратә транспорт, ишаҧу еиҧш, инеиҵыху арежимла аус ауеит. Ашықәсҿыцтәи аухаз қарҭтәи аметрогьы автобусқәагьы хәыҧсада апассаџьырцәа рымаҵ руеит.
Қарҭ ахадара адыррақәа рыла, ажьырныҳәа 1 азы аметрогьы автобусқәагьы аус руеит асааҭ 03:00-нӡа.
Қьырса аныҳәазгьы, ажьырныҳәа 7 рзы аметро аус ауеит асааҭ 03:00-нӡа.