„Ҭбилисоба“ аусмҩаҧгатәқәа ирыдҳәаланы амҩақәа рцыҧҵәахақәак рҿы автомобилтә аиҭаҵра иҧкызаауеит
„Ҭбилисоба“ аусмҩаҧгатәқәа ирыдҳәаланы амҩақәа рцыҧҵәахақәак рҿы автомобилтә аиҭаҵра иҧкызаауеит

„Ҭбилисоба“ аусмҩаҧгатәқәа ирыдҳәаланы, цәыббра 19 асааҭ 12:00 инаркны цәыббра 22 асааҭ 12:00-нӡа Коста Хеҭагуров имҩаҿы амашьынақәеи амуниципалтә транспорти реиҭаҵра иҧкызаауеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қарҭ ахадара.

„Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны,  Ное Жорданиа ихьӡ зху аҟәареи  Николоз Бараҭашвили ихьӡ зху ацҳаи рыбжьара автотранспорт аиҭаҵра ишыҟаз еиҧш иаанхоит. Шоҭа Гамцемлиӡе имҩантә Коста Хеҭагуров имҩа ахырхарҭала амҩа иркызаауеит,  убри аамҭазы аиҭаҵра ҟалоит Нино Чхеиӡе лыхьӡ зху амҩала.

Ауаажәларратә транспорт абас еиҭаҵуеит, автобусқәа: N323, N333, N359, N395 иара убас,  амикроавтобусқәа: N462, N522,  N536 еиҭаҵуеит Џьавахьишвили имҩантә Бараҭашвили имҩа ахырхарҭала. Қарҭ ахадара ари адискомфорт азы аҭамзаара шьҭанаҵоит“, – иануп Қарҭ ахадара аинформациаҿы.