Қарҭ ахадара - Қырҭтәыла аофициалла амч аиуит „Европатәи аҿартә карта“, уи абзоурала, ақырҭуа аҿар Европа зехьынџьара 25 000 ахә агыжьрақәа рхы иадырәхар рылшоит
Қарҭ ахадара адыррақәа рыла, Қырҭтәыла аофициалла амч аиуит „Европатәи аҿартә карта“, уи абзоурала, ақырҭуа аҿар Европа зехьынџьара 25 000 ахә агыжьрақәа рхы иадырәхар рылшоит.
Аинформациа инақәыршәаны, „Европатәи аҿартә карта“ – европатәи аинициативоуп, уи мҩаҧысуеит Европатәи Ахеилак адгылара ала. 40 шықәса рыҩныҵҟа имҩаҧысуа ари аинициатива абзоурала, 9.3 миллионҩык аҿар аныҟәара алшара роуит.
Акарта амч аиура иадҳәаланы имҩаҧгаз ауснагӡатә алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылаз Қарҭ ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, ари акарта миллионҩыла аҿар аныҟәареи, агәырҿыхареи, акультуреи, аспорти, егьырҭ ахырхарҭақәеи рыла имаҷымкәа алшарақәа рнаҭоит.
„Иахьа инаркны ақырҭуа аҿар „Европатәи аҿартә картақәа“ рхархәара рылшоит. 18-30 шықәса зхыҵуа ақырҭуа аҿар Европа зехьынџьара 25 000 ахә агыжьрақәа рхы иадырәхар рылшоит. Ари акарта миллионҩыла аҿар аныҟәареи, агәырҿыхареи, акультуреи, аспорти, егьырҭ ахырхарҭақәеи рыла имаҷымкәа алшарақәа рнаҭоит“, – иҳәеит Қарҭ ахада.
Иара иажәақәа рыла, Қарҭ ахадара, ахатә алшарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿар агәызҭаҵага рызҭаша, ирыцхрааша аусмҩаҧгатәқәа рацәа мҩаҧнагоит.
Аҳҭнықалақь ахада „Қырҭтәыла абанк“ ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, избанзар, дара ирыдыркылаз амеморанду ашьҭала, уажәшьҭа „Аҿартә карта“ „Қырҭтәыла абанк“ амобилбанклагьы ахархәара ҟалоит.