Ашықәсҿыцтәи аиллиуминациа ашьақәыргылара инамаданы,  абҵара  27 – 28 аухаз   Русҭавели имҩаду аамҭала иркызаауеит
Ашықәсҿыцтәи аиллиуминациа ашьақәыргылара инамаданы,  абҵара  27 – 28 аухаз   Русҭавели имҩаду аамҭала иркызаауеит

Ашықәсҿыцтиәи аиллиуминациа ашьақәыргылара инамаданы,  абҵара  27 – 28 аухаз, асааҭ  00:00 инаркны  06:00-нӡа,  Раҧхьатәи ареспублика ашҭа инаркны Ахақәиҭра ашҭанӡа  Русҭавели имҩаду аамҭала иркызаауеит.

Қарҭ ахадара адыррақәа рыла, атранспорттә хархәагақәа еиҭаҵыр рылшоит Леониӡеи, Ингороҟвеи, Алеқсандр Ҷавҷаваӡеи, Грибоедови, Бараҭашвилии, Ҭабукашвилии рымҩақәа рыла.

Аметростанциа  “Русҭавели” иаҧну аҵакырантә  Ахақәиҭра ашҭа ахырхарҭала идәықәло амашьынақәа еиҭаҵуеит Михаил Џьавахьишвили имҩала.