Польша аиҳабыра ишаарыцҳаз ала, дареи Литвеи Сувалкстәи акорридор урыстәылатәи агрессиа аҟнытә ахьчаразы изакәызаалак асценари иазыхиоуп
Польша аиҳабыра ишаарыцҳаз ала, дареи Литвеи Сувалкстәи акорридор урыстәылатәи агрессиа аҟнытә ахьчаразы изакәызаалак асценари иазыхиоуп

 «Польшеи Литвеи Сувалкстәи акорридор урыстәылатәи агрессиантә ахьчаразы изакәызаалак асценари иазыхиоуп», —  иҳәеит Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр  Петр Вавжик.

Иара иажәақәа рыла, Польшеи Литвеи рхадацәа  Сувалкстәи акорридорашҟа рнеира афакт лабҿаба аанарҧшуеит арҭ атәылақәа иарбанызаалак асценари ишазыхиоуп, Урыстәылеи Беларуси аҟынтә иҟалар зылшо агрессиагьы налаҵаны.

Ҧхынгәы 7  рзы Польша ахада  Анџьеи Дудеи Литва ахада  Гитанас Науседеи Сувалкстәи акорридор аҿы иҟан, дара  Польшеи Литвеи рҳәаа наҟ-ааҟ игыло арбџьармчқәа рбеит.  Ари авизитла атәылақәа рлидерцәа руааҧсыра даҽазнык агәра ддыргыр рҭахын зыӡбахәы ҳәоу аҭыҧаҿы ашәарҭара шыҟам, уаҟа Польшеи Литвеи рбџьармчқәа мацара ракәымкәа,  иаҭаххар ауаа рыхьчара иазыхиоу НАТО араатә хәҭақәагьы игылоуп.

Сувалкстәи акорридор Польшеи Литвеи ирыбжьоуп, мраҭашәарахьала Калининград иҟоуп, мрагыларахьала  — Беларусь. Мраҭашәаратә експертцәа ргәаанагарала, урыстәылатәи арбџьармчқәа ишиашо НАТО аҿагылара рыӡбар, ари акорридор дара рзы раҧхьатәи ацәҟьарас иҟалар ауеит.