Паата Бурҷулаӡе  - Жьҭаара 4 рзы жәлар реизара мҩаҧаагоит, 2 миллионк ааҧхьарақәа иҿаҵаны  иҳамоуп, ҳара ҳаизаны,  ҳус ҟаҳҵароуп
Паата Бурҷулаӡе  - Жьҭаара 4 рзы жәлар реизара мҩаҧаагоит, 2 миллионк ааҧхьарақәа иҿаҵаны  иҳамоуп, ҳара ҳаизаны,  ҳус ҟаҳҵароуп

«Жьҭаара 4 рзы жәлар реизара мҩаҧаагоит, 2 миллионк ааҧхьарақәа иҿаҵаны иҳамоуп,  урҭ ауаа абжьыҭира азин рызҭо амандатқәа ракәхоит», — иҳәеит аҵысра  «Русҭавели имҩаду» алидер  Паата Бурҷулаӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

Бурҷулаӡе иҳәамҭала, ааҧхьарақәа ауааҧсыра ирзыршоит.

«Жьҭаара 4 рзы акциа акәӡам имҩаҧааго, ҳара жәлар реизара мҩаҧаагоит, арегионқәа рҟынтә ауаа рацәа аауеит. Қарҭ амҩақәа рҿы зеиҧшҟамлац ала ауаа рацәахоит. Ҳара 2 миллионк ааҧхьарақәа иҿаҵаны иҳамоуп. Урҭ ауаа абжьыҭира азин рызҭо амандатқәа ракәхоит. Ауаа арҭ амандатқәа хаҭала ираҳҭоит», — иҳәеит  Паата Бурҷулаӡе.

Ажурналист иара диазҵааит: «Жьҭаара 4 рзы 2 миллионҩык шәрызҧшума?» Бурҷулаӡе абас аҭак ҟаиҵеит:

«Ҳара 2 миллионк ааҧхьарақәа рзаҳшьҭоит. Шаҟаҩы аауа  — уи даҽа зҵаарак ауп. Ааҧхьарақәа рацәа  „Ақырҭуа гәахәтәы“ алахәылацәагьы ироуеит, даргьы анапхгаратә гәыҧ рзычҳауам. Убри аҟынтә, иааир зҭаху зегьы адырра раҳҭароуп.

Шәааи, ҳаизап, нас ҳаилыҵып, уаҵәы ма уаҵәашьҭахь еиҭах ҳаизап ҳәа анаҳҳәоз аамҭа цеит. Жьҭаара 4 рзы ҳаизаны, ҳус ҟаҳҵароуп. Қырҭтәыла иҟоу абри аҭагылазаашьа аҵыхәа ҧаҳҵәароуп », — иҳәеит  Паата Бурҷуладзе.