Паата Бурҷулаӡе  — Ҳара лассы-лассы иҳазҵаауеит Иванишвили ирежим аҵыхәҧҵәара ашьҭахь иҟалои ҳәа, ажәа шәаҳҭоит аколлапс шыҟамло
Паата Бурҷулаӡе  — Ҳара лассы-лассы иҳазҵаауеит Иванишвили ирежим аҵыхәҧҵәара ашьҭахь иҟалои ҳәа, ажәа шәаҳҭоит аколлапс шыҟамло

Жьҭаара 4 асааҭ  16:00 рзы Русҭавели имҩадуахь шәнеи,  аҭоурыхтә амилаҭтә аизара шәхы алашәырхәа. Шәааи,  ҳаидгыланы,  Қырҭтәыла ҿыц аҧаҳҵап,  Иванишвили ирежим аҵыхәа ҧҵәаны, ҳаҧсадгьыл ҳархынҳәып, — иҳәеит аҵысра «Русҭавели имҩаду» алидер Паата Бурҷулаӡе.

«Аҩызцәа, жьҭаара 4-нӡа, ақырҭуа жәлар рҭоурыхтә аиааиранӡа  сааҭқәак роуп иаанхаз.  Ақырҭуа жәлар Иванишвили ирымихыз амчра архынҳәразы Русҭавели имҩаду аҿы ҳаизап. Қырҭтәыла ахы иақәиҭзар зҭаху ауаа зегьы жьҭаара 4 асааҭ 16:00 рзы Русҭавели имҩадуахь инеирц ҳрыҳәоит. Ҳара лассы-лассы иҳазҵаауеит Иванишвили ирежим аҵыхәҧҵәара ашьҭахь иҟалои ҳәа, ажәа шәаҳҭоит аколлапс шыҟамло. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы аусура нарыгӡоит. Дарбанзаалак министрк ма депутатк дыбналаны дцар, уи  уадаҩрам. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы аусура нарыгӡоит. Уажәы ҳара ҳауп зегьы зхьыҧшу. Жьҭаара 4 асааҭ  16:00 рзы Русҭавели имҩадуахь шәнеи,  аҭоурыхтә амилаҭтә аизага шәхы алашәырхәа. Шәааи,  ҳаидгыланы,  Қырҭтәыла ҿыц аҧаҳҵап,  Иванишвили ирежим аҵыхәа ҧҵәаны, ҳаҧсадгьыл ҳархынҳәып, — иҳәеит аҵысра «Русҭавели имҩаду» алидер Паата Бурҷулаӡе.