Паата Бурҷулаӡе  - Онлаин-алхрақәа рымҩаҧгара иазку аҳәамҭа ашьҭахь Европантә 3 ажәалагалак ҳауит  
Паата Бурҷулаӡе  - Онлаин-алхрақәа рымҩаҧгара иазку аҳәамҭа ашьҭахь Европантә 3 ажәалагалак ҳауит  

«Иванишвили имҩаҧиго алхрақәа рыгәра угар ҟалом, ҳара альтернативтә онлаин-алхрақәа мҩаҧаагароуп ҳәа ианысҳәа ашьҭахь,  Европантә 3 ажәалагалак ҳауит», — иҳәеит Паата Бурҷулаӡе.

Иара иажәақәа рыла, европатәии америкатәи специалистцәа арҭ ажәалагалақәа рҟынтә иаҳа еиҕьу иалырхуеит.

Иара убас,  Паата Бурҷулаӡе ишазгәеиҭаз ала, аоппозициатә иколлегацәа зегьы еицҿакны ирҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» алхрақәа рҧаршеира азин рыҭатәым ҳәа.

«Ари азҵааразы ҳҳәатәы еиқәшәоит. Араҟа зегьы иҟан, апартиа  «Лело» иҟан,  «Амилаҭтә ҵысра» иҟан,  4-тәи аномер иҟан, Инашвили ипартиеи Леван Цуцқьириӡеи иҟан, зегьы иҟан», — иҳәеит  Паата Бурҷуладзе.