Паата Бурҷулаӡе  — Жьҭаара 5 ашьҭахь ҳшынхаша ҳаӡбароуп,   аплан аус адааулоит
Паата Бурҷулаӡе  — Жьҭаара 5 ашьҭахь ҳшынхаша ҳаӡбароуп,   аплан аус адааулоит

 

Жьҭаара  5 шиасуа аадыруеит  —  аполитбаандаҩцәа зегьы иоуҳажьҭуеит. Уажәы жьҭаара 5 ашьҭахь ҳшынхаша ҳаӡбароуп,  аплан аус адааулоит, — иҳәеит аҵысра «Русҭавели имҩаду» алидер Паата Бурҷулаӡе.

Иара иҳәамҭала,  жьҭаара 4-нӡа мчыбжьык шагу  Амилаҭтә аизараҿы еизо ауаа рыбжьы зырҭо азҵаарақәа еилкаахоит.

«Ҳара жьҭаара 4 рзы ҳалаганы,  жьҭаара 4 рзы ҳус хьҳаркәшоит. Жьҭаара 5 рзы  «Аурыс гәахәтәы» аҵыхәа ҧаҳҵәоит. Жьҭаара 5 рзы иҟало аадыруеит: аполитбаандаҩцәа иоуҳажьҭуеит,  акгьы зхарамкәа иаанкылаз ауаа зегьы иоуҳажьҭуеит. Жьҭаара 5 рышьҭахь ҳшынхаша ҳаӡбароуп,   аплан аиқәыршәара ҳаҿуп. Аха,  жьҭаара 4 ахәылҧаз дара анапхгараҿы ишыҟамло еилкаауп,  уи иӡбаны иҳамоуп. Кобахиӡегьы уи еиликаауеит.  Жьҭаара 4 рзы ҳара акциа акәӡам имҩаҧааго,  уи аҽны Амилаҭтә аизара еизоит,  арегионқәа зегьы рҟынтә ауаа аауеит. Ауаа ааҧхьарақәа рзаҳшоит,  аҩныҟа ирызнаҳгоит. Абжьыҭиразы азҵаарақәа реиқәыршәара ҳаҿуп.  Ари атәыла ажәлар иртәуп. Аконституциала ари атәыла ҳара иаҳтәуп…

Уи еилкааны,  анапхгара ҳнапахьы иаҳгароуп. Уи уадаҩума? 5 нызқьҩык аполицаицәа  200-300 нызқьҩык ирҿагылома?!», — иҳәеит  Паата Бурҷулаӡе.