Оҭар Шьамугиа Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиан диԥылеит
Оҭар Шьамугиа Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиан диԥылеит

Қырҭтәылa аҧсабарахьчареи aқыҭaнхaмҩеи рминистр Оҭар Шьамугиа Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиан диԥылеит.

Оҭар Шьамугиа ацҳаражәҳәаҩ аҭыԥ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит.

Аибадырратә ҟазшьа змаз аиԥылараҿ аганқәа атәылақәа ирыбжьоу ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәеи ақыҭанхамҩа ахырхарҭала наҟ-наҟтәи аусеицреи ирыхәаԥшит. Оҭар Шьамугиа ишазгәеиҭаз ала, ақыҭанхамҩа ахырхарҭала атәылақәа рыбжьара аусеицуратә меморандум  аус адулара иаҿуп.

Ашот Смбатиан атәылақәа ашәышықәсақәа ирылагӡаны ирыбжьоу агәыларатә аизыҟазаашьақәа дырзааҭгылан, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа иаҳа́ рырҭбааразы илшо зегь шыҟаиҵо иазгәеиҭеит,