Николоз Самхараӡе  -  Сенати Конгресси рҿы имҩаҧгаз аиҧыларақәа раан ахадаратә ҵакы аман НАТО ашҟа аинтеграциа арласра азҵаара
Николоз Самхараӡе  -  Сенати Конгресси рҿы имҩаҧгаз аиҧыларақәа раан ахадаратә ҵакы аман НАТО ашҟа аинтеграциа арласра азҵаара

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз  Самхарадзе иҳәамҭала, ақырҭуа делегациа Вашингтон инеит НАТО ашҟа  аинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла аполитикатә адгылара ҕәҕәа шаиуа агәра ргарцаз.

Самхараӡе  иҳәамҭала,  Сенати Конгресси рҿы имҩаҧгаз аиҧыларақәа раан ахадаратә ҵакы аман НАТО ашҟа аинтеграциа арласра азҵаара

«Сенати Конгресси рҿы имҩаҧаагаз  аиҧыларақәа зегьы  НАТО ашҟа аинтеграциа арласра азҵаара иазкын.  Ҳара иаартны ҳпозициа ааҳарҧшит, иаартны ираҳҳәеит  аполиттикатә адгылара ҕәҕәа аиуразы  Вашингтон ҳашнеиз.  Ҳара ари азҵаараҿы Американтә адгылара ҕәҕәа ҳамоуп, аха, НАТО егьырҭ алахәылацәагьы ирацәажәарц ҳрыҳәеит, дара Алианс алалараҿы иҳҧырхагамхарц», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.

Самхараӡе ишиҳәаз ала, Америка авизит қәҿиарала имҩаҧган.