Николоз Самхараӡе  - Ҳзакәанқәа ҳаҭыр рықәзымҵо, закәандарала ҳҳәаа иахысыз ауаҩҧсы дполитбаандаҩуп ҳәа зҳәо ауаҩы Қырҭтәыла аҩызас дзыҟалом
Николоз Самхараӡе  - Ҳзакәанқәа ҳаҭыр рықәзымҵо, закәандарала ҳҳәаа иахысыз ауаҩҧсы дполитбаандаҩуп ҳәа зҳәо ауаҩы Қырҭтәыла аҩызас дзыҟалом

Ҳзакәанқәа ҳаҭыр рықәзымҵо, закәандарала ҳҳәаа иахысыз ауаҩҧсы дполитбаандаҩуп ҳәа зҳәо ауаҩы Қырҭтәыла аҩызас дзыҟалом, — иҳәеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе Саакашвили иус даналацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, закәандарала аҳәаа иахысыз ауаҩҧсы дполитбаандаҩуп ҳәа зҳәо ауааа Қырҭтәыла ахьыҧшымра пату ақәырҵом.

«Қырҭтәыла — ахатә ҳәаақәа змоу ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп.  Ари атәыла аҳәаа закәандарала иахысыз ауаҩҧсы аполитбаандаҩыс дзыҟалом.  2003-2012 шықәсқәа рзы иҟаҵаз ацәгьаурақәа рылацәажәарагьы аҭахым.  Ҳзакәанқәа ҳаҭыр рықәзымҵо, закәандарала ҳҳәаа иахысыз ауаҩҧсы дполитбаандаҩуп ҳәа зҳәо ауаҩы Қырҭтәыла аҩызас дзыҟалом», — иҳәеит  Николоз Самхараӡе.