Никол Ҧашиниан, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы, Саломе Зурабишвилии Иракли Ҕарибашвилии адныҳәаларатә шәҟәқәа рзишьҭит
Никол Ҧашиниан, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы, Саломе Зурабишвилии Иракли Ҕарибашвилии адныҳәаларатә шәҟәқәа рзишьҭит

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан, Саломе Зурабишвилии Иракли Ҕарибашвилии Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит.

Қырҭтәыла ахада лахь идәықәҵаз адныҳәаларатә шәҟәы иануп: 

“Ҳаҭыр зқәу ахада,  шәареи аешьаратә ақырҭуа жәлари гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла амилаҭатә ныҳәа  –  Аҳәынҭқарратә хьыҧшымра аиҭашьақәыргылара амш.

Шәышықәса раҧхьа, иахьатәи амш аҽны, ақырҭуа жәлар  адемократиатә принципқәа рышьаҭала аҳәынҭқарра аргыларазы акрызҵазкәа ашьаҿа ҟарҵеит, дара иахьагьы ари амҩа ианыланы ҧхьаҟацара иаҿуп.

Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ирзыфеидоу аигәыларатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара ҳаиҳабыра рдәныҟатәи политкиаҿы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа ишреиу.

Агәабзиареи шәусураҿы ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит, аиҩызаратә ақырҭуа жәлар аҭынчреи апрогресси рзеиҕьасшьоит”.

Қырҭтәыла аҧыза-министр иоуз адныҳәаларатә шәҟәы иануп:

“Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла амилаҭтә ныҳәа  — аҳәынҭқарратә хьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны 105 шықәса аҵра.

Ари амҩа мариамызт, аха ақырҭуааи ашәамахьцәеи, рықәҧарала ишьақәдырҕәҕәеит ихьыҧшым аҳәынҭқарра амазаара азин шрымоу, иахьа, аҳәынҭқарратә аргылара аус аҿы аусеицура нарыгӡоит.

Аиҩызаратә Қырҭтәыла иамоу аихьӡарақәа ахәшьара ҳаракы рыҭаны, агәра шәсыргар сҭахуп Шәамахьтәыла Қырҭтәылазы игәрагоу аҩызеи агәылеи шакәу, наҟ-наҟгьы убасҵәҟьа ишыҟало.

Агәабзиареи шәусураҿы ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит, аиҩызаратә ақырҭуа жәлар аҭынчреи апрогресси рзеиҕьасшьоит”, — иануп адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.