Никол Пашиниан  Гьаргь Гахариа аиҳабыра рнапхгаҩыс иқәыргылара идиныҳәалеит
Никол Пашиниан  Гьаргь Гахариа аиҳабыра рнапхгаҩыс иқәыргылара идиныҳәалеит

Шәамахьтәыла Аҧыза-министр Никол Пашиниан  Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла  аиҳабыра рнапхгаҩыс иқәыргылара идиныҳәалеит. Ари атәы аанацҳаит агентра  Аrmenpress.

“Гәыкала ишәыдысныҳәалоит  аҩынтәраан Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩыс шәалхра.  Шәызлаго аусқәа зегьы рҿы ақәиара ҿыцқәа шәзеиҕьасшьоит.

Аҵыхәтәантәи шықәсыки бжаки рыла ҳаҭала ҳареи ҳаиҳабырақәеи қәҿиарала аус еицаауан. Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа иаҳа иҕәҕәахап ҳәа сгәыҕуеит”, — иануп адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.