Никол Пашиниан  - Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала аихамҩа експорт нагӡахар ауеит ҳара  «Трамп имаршрут» апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Азербаиџьан аҟны аихамҩатә аимадара еиҭашьақәҳаргылаанӡа 
Никол Пашиниан  - Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала аихамҩа експорт нагӡахар ауеит ҳара  «Трамп имаршрут» апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Азербаиџьан аҟны аихамҩатә аимадара еиҭашьақәҳаргылаанӡа 

«Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала аихамҩа експорт нагӡахар ауеит ҳара  «Трамп имаршрут» апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Азербаиџьан аҟны аихамҩатә аимадара еиҭашьақәҳаргылаанӡа, уи аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Пашиниан. 

Пашиниан иҳәамҭала, Шәамахьтәыла аблокада иалҵит, избанзар, Азербаиџьанынтә Шәамахьтәылаҟа аидара  амҩангара иалагеит.

«Ҳара аекономикатә аҿиара аетап ҿыц ҳҭагылоит, уи Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара ишьақәгылаз аҭынчратә процесс иадҳәалоуп. Хара имгакәа зӡҵакы дуу ахҭыс ҟалоит, апроект  „Трамп имаршрут“ иалагоит, уи абзоурала, Шәамахьтәыла аблокада иалҵуеит», — иҳәеит  Никол Пашиниан.