НАТО  иалоу жә-тәылак рхадацәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа – Ҳәарада, ҳара  Украина алахәызаара иазку  2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аӡбара ҳадгылоит
НАТО  иалоу жә-тәылак рхадацәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа – Ҳәарада, ҳара  Украина алахәызаара иазку  2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аӡбара ҳадгылоит

НАТО  иалоу жә-тәылак рхадацәа  Алианс ашҟа Украина алалара адгыларатә аҳәамҭа еицыҟарҵеит.

Аҳәамҭа ишану ала,  Ацентртәии Мрагыларатәи Европа атәылақәа рхадацәа аибашьраан Киев инеины, рыблала ирбеит урыстәылатәи агрессиа иахылҵыз алҵшәақәа, убри аҟынтә, Урыстәыла ала жәларбжьаратәи зин аилагара иаҿамгылар рылшом.

«Ҳара ишьақәҳарҕәҕәоит Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло. Уажәгьы, ҳаҧхьаҟагьы, Украина аҵакырадгьылқәа раннексиа иазку Урыстәыла  аҽазкра хаангьы иазхаҳҵом.    Ҳәарада, ҳара  Украина алахәызаара иазку  2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аӡбара ҳадгылоит. Ҳара урыстәылатәи агрессиа аҿагылараҿы Украина ҳацхраауеит, Урыстәылантә ҳаҳәоит зыҧшра ҟамҵакәа украинатәи аҵакырадгьылқәа ирылҵырц,  апартниорцәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  Украиназы арратә цхыраара аздырҳарц. Агрессиатә ацәгьаура ҟазҵо дарбанызаалак аҭакҧхықәра идҵатәуп, ахьырхәра иҭатәуп», — иануп азеиҧш аҳәамҭаҿы, уи рнапы аҵарҩит Чехиеи, Естониеи, Латвиеи, Литвеи, Аҩадатәи Македониеи,  Монтенегрои, Польшеи, Румынтәылеи,  Словакиеи рхадацәа.