Мшаҧы 9 иҟалаз арыцҳара инаркны  34 шықәса ҵит  (афото)
Мшаҧы 9 иҟалаз арыцҳара инаркны  34 шықәса ҵит  (афото)

Мшаҧы 9 иҟалаз арыцҳара инаркны  34 шықәса ҵит.  1989 шықәса мшаҧы 9 ашырҧаз, Асовет Еидгыла арбџьармчқәа, Қарҭ агәҭаны, апарламент ахыбра аҧхьа имҩаҧысуаз аҭынчратә апротесттә акциа гәымбылџьбарала еимдырппит.  Ари арыцҳара иалаӡит даӡәымкәа аҭынчуаа.

21ҩык ҭахеит, шәҩыла ауааҧсыра ашҳамтә газ рҧырхагахеит.

Ҩышықәса рышьҭахь, 1991 шықәса мшаҧы 9 рзы,  Иреиҳаӡоу Ахеилак Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыҧшымра аиҭашьақәыргылара иазкны аҳәамҭа ҟарҵеит.

Мшаҧы 9 Қырҭтәыла аҭоурых ҿыц ианылеит арыцҳара дуи,  аамҭакала,  Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылареи амш ҳасабала.