Молдова Саломе Зурабишвили лвизит иалагеит
Молдова Саломе Зурабишвили лвизит иалагеит

Молдова Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лусуратә визит иалагеит.

Молдова Қырҭтәыла ахада лԥылара ацеремониа Кишинев жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ мҩаԥган.

Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла ахада Молдова ахада Маиа Санду дылԥылоит.

Иара убас Саломе Зурабишвили Молдоватәи ареспублика апарламент ахантәаҩы Игор Гросугьы диԥылоит.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Кишиниовҟа Air Moldova раҧхьатәи ареисла ддәықәлеит. Қырҭтәылеи Молдовеи рыбжьара ишиашоу авиааимадара иазку аиҿцәажәарақәа иалагеит  2022 шықәса лаҵарамзазы. 2022 шықәса жьҭаара 31-нӡа Air Moldova ареисқәа  Кишиниов-Қарҭ-Кишиниов  мҩаҧгахоит мчыбжьыкахь ҩынтә,   2022 шықәса абҵара инаркны  –  мчыбжьыкахь ҧшьынтә.