Михаил Саакашвили – Зеленски ифильм, бжеиҳарала, спрезидентра аетапқәа рышьаҭала иҭыхуп
Михаил Саакашвили – Зеленски ифильм, бжеиҳарала, спрезидентра аетапқәа рышьаҭала иҭыхуп

Абиуџьетт аҧара аҕьычра аус азы иахьа имҩаҧысуаз аӡбаратә процесс аҿы Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили, аӡбаҩ иахь ихы рханы иҳәеит агәра ганы дшыҟоу аӡбаҩ Зеленски ифильм дшахәаҧшуа.

Саакашвили иҳәамҭала, афильм асценарист иеиҳәеит Зеленски ифильм аиҳара иара ипрезидентра аетапқәа рышьаҭала ишҭыхыз.

«Ҳаҭыр зқәу аӡбаҩ, сара агәра ганы сыҟоуп шәара  Зеленски дахьыхәмаруа афильм  «Ажәлар рмаҵзуҩы» шәшахәаҧшуа. Иацтәи асериаҿы ирҳәеит Саакашвили ашәахтә еиҵеитәит, 11-нтә абиуџьет азирҳаит ҳәа. Сара абиуџьет ацысҵеит, шәара абиуџьет аҕьычра схарашәҵоит.  Афильм асценарист ишсеиҳәаз ала, афильм аиҳара спрезидентра аетапқәа рышьаҭала иҭыхын.   Шықәсқәак рышьҭахь дара Зеленски иҟынӡа инеины, утәыла еиқәурхазара уамак ҟамлеит, усҟан иушәыз амаика – аҳәынҭқарратә аҧара аныхра ауп иаанаго  ҳәа иарҳәар, уи шәхаҿы ишәзаагома», — иҳәеит Михаил Саакашвили.