Михаил Подолиак - «Украинуаҩк дахьынӡаҟоу аибашьра нагӡахоит» ҳәа Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа —  Урыстәыла агеноцид ишазхәыцуа зыршаҳаҭуа даҽа фактк ауп
Михаил Подолиак - «Украинуаҩк дахьынӡаҟоу аибашьра нагӡахоит» ҳәа Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа —  Урыстәыла агеноцид ишазхәыцуа зыршаҳаҭуа даҽа фактк ауп

««Украинуаҩк дахьынӡаҟоу аибашьра нагӡахоит» ҳәа Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа —  Урыстәыла агеноцид ишазхәыцуа зыршаҳаҭуа даҽа фактк ауп», — иҩит Украина ахада иофис анапхгаҩы ибжьагаҩ Михаил Подолиак Twitter аҿы.

««Аколлективтә Мраҭашәара» захьӡу изакәызаалак планк иҟам. Лабҿабара заҵәык ауп иҟоу – аконкреттә  z-арбџьармчқәа ихьыҧшым Украина иалалан, ҳқалақьқәа абомбақәа рыларыжьуеит, аҭынуаа ршьуеит. Егьирахь иҟоу зегьы  —  апримитивтә пропагандоуп, хықәкыла имҩаҧырго геноцидуп», — иҩит  Подолиак.

Дума афракциақәа рлидерцәа данырҧылоз, Владимир  Путин аргама ааицҳаит  «украинуаҩк дахьынӡаҟоу Мраҭашәара Урыстәыла иабашьуеит» ҳәа.