Михаил Подолиак – Украинатәи аруаа қәҿиарала имҩаҧырго аконтржәылара ала адунеи зегьы иддырбеит Украина ахатә ҵакырадгьылқәа рдеокупациа шалшо
Михаил Подолиак – Украинатәи аруаа қәҿиарала имҩаҧырго аконтржәылара ала адунеи зегьы иддырбеит Украина ахатә ҵакырадгьылқәа рдеокупациа шалшо

«Украинатәи аруаа қәҿиарала имҩаҧырго аконтржәылара ала адунеи зегьы иддырбеит Украина ахатә ҵакырадгьылқәа рдеокупациа шалшо», — иҩит Украина ахада иофис абжьагаҩ  Михаил  Подолиак  Twitter аҿы.

Подолиак иажәақәа рыла, Украина  ишьақәнарҕәҕәеит ҳаамҭазтәи мраҭашәаратә бџьар қәҿиарала ахархәара шалшо.

«Украинатәи аруаа қәҿиарала имҩаҧырго аконтржәылара ала адунеи зегьы идҳарбеи? 1. Украина  ишьақәнарҕәҕәеит ахатә ҵакырадгьылқәа рдеокупациа шалшо. Аимак арҵаара зыҟалом.   2. Украина  ишьақәнарҕәҕәеит ҳаамҭазтәи мраҭашәаратә бџьар қәҿиарала ахархәара шалшо.  3. Урыстәылатәи арбџьармчқәа иқәҵны ицароуп», — иҩит  Михаил Подолиак.

Цәыббра  8 рзы Украина анапхгара Харьковтәи ахырхарҭала қәҿиарала аконтржәылареи  20 анхарҭатә пунктқәа рырхынҳәреи атәы аарыцҳаит.